Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Минаиа Аԥсны ахәыҷбаҳчақәа разымхара иазкны

Сынтәа ахәыҷбаҳчақәа аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазыхиоу, ирыдыркыло ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара шаҟа рҟынӡа инеиуа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Аҵара министрра ашколқәранӡатәи аҵара аспециалист хада Аида Минаиа.
Sputnik
Аԥсны 39 хәыҷбаҳча ыҟоуп, сынтәа 1500-ҩык инархыҳәҳәо ахәыҷқәа раԥхьаӡа акәны уахь ицоит ҳәа адырра ҟалҵеит Минаиа.
"Аҭыԥ азымхара ахьыҟоу Гәдоуҭа араион аҿоуп. 300-ҩык рҟынтә арзаҳалқәа ахьыҟаз 160-ҩык рыдыркылеит, егьырҭ макьана иԥшыр акәхоит. Гагра араион аҿы – 50-ҩык рарзаҳалқәа шьҭоуп, аха урҭ рызҵаара ӡбахоит, избанзар ицоит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахәыҷбаҳчақәа руак аҩбатәи акорпус аҿы, мызқәак рыла иаадыртраны иҟоуп, урҭ ахәыҷқәа уахь ишьҭхоит. Егьырҭ араионқәа рҿы аҭыԥ разымхара ыҟаӡам, ақалақь аҿы ахәыҷқәа зегьы рыдыркылеит. Аха, еилаҳкаауеит агәыԥқәа рҿы ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара анорма ишахыҳәҳәо, уаҳа ԥсыхәа ыҟаӡам", - ҳәа еиҭалҳәеит Минаиа.
Лара иазгәалҭеит аҳҭнықалақь аҿы хәыҷбаҳча дук аартызар, аҭагылазаашьа еиҳа ишеиӷьхоз, убри аан илҳәеит Тҟәарчал араион аҿы аҭыԥ шыҟоу, аха ахәыҷқәа шмаҷу.
Акадрақәа разымхара азҵаара далацәажәо, Минаиа илҳәеит, Гагра араион аҿы иаадыртраны иҟоу акорпус аҿы ааӡаҩцәа шыҟам, уи азҵаара ӡбамкәа ишаанхо, иара убри адагьы араионқәа рҿы алогопедцәеи апсихологцәеи ыҟаӡам.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.