1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит. Мчыла хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш аҽны арадио Sputnuk аефир аҿы "Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа" рхеилак ахантәаҩы Гәыли Кьычԥҳа еиҭалҳәеит иахьа ари аус шцо атәы.
2010 шықәса раахыс Аԥсны иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара амш. Усҟан Ахьӡа-Аԥша апарк аҿы анышә иамадаз рхаҭарақәа рышьақәыргылара аус хацыркын. Ари аҭаацәарақәа рзы кыр зҵазкуа аус акәны иҟоуп ҳәа азгәалҭеит Кьычԥҳа.
"Ҳара ҳганахьала 200-ҩык инареиҳаны хабарда ибжьаӡит аибашьраан. Ари хьаа дууп ҳара ҳзы. Имаҷымкәа аҳәынҭқарреи, Аџьар ҟаԥшьи, ҳхеилаки аус адырулахьеит ари азҵаара. Гәыԥҩык идырҵан аексгумациеи аиндетификациеи аус. Уи аганахьала аекспертцәа ҳамаӡам", - ҳәа азгәалҭеит Кьычԥҳа.
Хабарда ибжьаӡыз анышә иахьамадоу аҭыԥ ашьақәыргылара зегь реиҳа ихадароу усуп, асхемақәа ақырҭцәа роуп измоу ҳәа лҳәеит лара. Қырҭтәылантәи иаарышьҭуа аҭыԥқәа еиҳарак дара ртәқәа ахьжу ауп, уи азгәарҭахьеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра, аха дара агәра ҳдыргоит уи аус ишашьҭоу лҳәеит Кьычԥҳа.
"Аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы Аԥсны анацәа" рхеилак ахантәаҩы еиҭалҳәеит Аҟәа иалахан иҟаз атәым милаҭ ишырдыруа аҭыԥқәа, иахьа уажәраанӡагьы ари аинформациа анҳарҭо ҟалалоит ҳәа лҳәеит Гәыли Кьычԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.