Арадио

Зхьышьҭра змырӡыз: Маамун Маан иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иаара шыҟалаз иазкны

Sputnik
Арадио Sputnik адырраҭара "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа еиҭарҳәоит. Урҭ рабацәеи рабдуцәеи ирыԥсҭазаашьаз, рразҟы зыӡбоз ахҭысқәа шыҿиоз, иахьа уажәраанӡа рхылҵшьҭрақәа знысуа амҩа иалацәажәоит.
10 шықәса раԥхьа Маамун Маан Шьамтәылантәи дааит Аԥсныҟа нхара ҳәа. Иара аибашьра иалагаанӡагьы иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь даахьан, аха анхара игәы иҭеикит анаҩсан. Иара иан д-Леиԥҳауп, иаб д-Маануп, даҽакала Иаӷанаа ҳәагьы ирзырҳәоит. Избан ус зыҟалаз, насгьы рхылҵшьҭра Аԥснынтә ишықәҵыз, шәышықәса рышьҭахь урҭ рыхынҳәра шыҟалаз атәы Маамун Маан арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.