Аԥсны иҟоуп аинтернатқәа хԥа. Калдахәаратәи иаднакылоит Гәдоуҭеи Гагреи иаҵанакуа ақыҭақәа рҟынтә ахәыҷқәа. Реиҳараҩык аԥсыуаауп, аха иҟоуп аерманцәеи аурысцәеи, ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Пасхалов.
Аҵарашықәс алагамҭаз арҵаҩцәа реизара мҩаԥган, ахәыҷқәа рыдкылара ҳазыхиоуп арҵаҩцәеи ааӡаҩцәеи рыла ҳаиқәшәоуп ҳәа иҳәеит иара.
"Ахыбра аҭагылазаашьа аганахьала ауадаҩрақәа ыҟоуп. Аӡцрыҵқәа рҭагылазаашьа цәгьоуп. Ҳазыԥшын акапиталтә ремонт, аха, уи залмыршахеит. Иҳамоуп аиқәшаҳаҭра, иазоужьуп аԥара, ҳаԥшуп аусурақәа ианрылаго ҳәа", - еиҭеиҳәеит Пасхалов.
Калдахәаратәи ашкол-интернат аиҳабы иажәақәа рыла, иҟан ашықәсқәа актәи аклас ахь ицо ахәыҷқәа анрымамыз. Ҵыԥх фҩык роуп иҭалаз, сынтәа 13-ҩык ҳадаҳкылоит, ари гәеизҳароуп, ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.