АҞӘА, цәыббра 1 - Sputnik. Урыстәыла ПВО ахархәагақәа украинатәи имҩақәҵоу авиабомбақәа JDAM, арадиолокациатә ракетақәа HARM ааныркылеит ҳәа аанацҳауеит атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы – аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа ҩба, иҭархоуп аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа Ту-141"Стриж" - 32.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахык ала иаԥырҟәҟәаауп хә-жәыларак, иҭархоуп 50 солдаҭ, ҩ-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Krab", ҩ-гаубицак Д-20, 66-тәи УАМ абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ ирцәыӡит аршьаҟауаа рмашьынақәа "Bradley", ҩ-кәылӡмашьына, 32 автомашьына, артиллериатә шьақәгыла "Krab", агаубицақәа Д-20, Д-30, 54-тәи УАМ абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Запорожиатәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп 82-тәи адесант-жәыларатә бригада ажәыларақәа хәба, иҭархоуп 85 украинатә еибашьҩы, ҩ-автомашьынак, , артиллериатә система М777, ареактивтә система "Vampire", х-гаубицак Д-30, 47--тәи УАМ абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп 67-тәи абригада ажәыларақәа ҩба, аӷа ицәыӡит 55 солдаҭ, акәылӡмашьынақәа хԥа, агаубицақәа "Мста-Б", Д-30.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 100 солдаҭк, автомашьынақәа ԥшьба, ҩ-гаубицак "Мста-Б", 72--тәи УАМ абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа. Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 20 еибашьҩы, ҩ-автомашьынак, ҩ-гаубицак Д-30, 121--тәи УАМ абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.