Аԥсны

“Аҭаца лԥышәара, лымцәажәара”: аԥсуа ҵасқәеи аҭацареи рахьтә

Аԥсуа ҵасқәеи аҭацареи ирызку дыррақәак Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҿы.
Sputnik
Аҭаацәараԥҵара, аиҵыҵра иацуп иалкаау агәырӷьара. Уи агәырӷьара аҩнаҭашҟа имҩахызго, ауа-аҭахыра згәы хыҭхыҭуа иззыԥшу аҭаца ҿыц лоуп.
Жәытәла аҭаца аҩны даныҩнаргалоз абарақьаҭра лыцзарц лнапала аши ахәыӡи лкадырԥсон. Иара убасгьы ачашә лхаҟны (лхы иақәԥырҽызшәа ҟаҵаны) иԥҽны, иршәны ажәлар игылаз ирыларҵон, урҭ амҵасны иркуан.
Аҿыхтыга, ма "арҳәацәара": аҭацаагара иацу акәамаҵама

Аҭаца лԥышәара

Абыргцәа џьоукы ирҳәалон аҩнра иаанагаз аҭаца дышԥыршәоз атәы. Анкьа аҩнышышқәа анрызгылаз, ашәхымс еиҳаракын, убраҟа ишьҭарҵон аҩымсаг, аҭаца раԥхьаӡа акәны ашәхымс данахысуаз аҩымсаг дақәымгылакәа, иаашьҭыхны икыдлыргылар даара згәы еилгоу аӡә лоуп ҳәа ирыԥхьаӡон.

Амцәажәареи егьырҭ аҵасқәеи

Ҳмилаҭтә ааӡараҿы аҭацара аныҟәгара иазыԥҵәоуп ахатәы хымҩаԥгашьа. Аҭаца лзыҳәа аҳаҭырқәҵарақәа ираԥхьагылаз амцәажәара акәын. Баграт Шьынқәба ироман "Ахаҳә еиҩса" аҟны иуԥылоит: "Лаган иан лабхәа убысҟак пату иқәылҵон, лҿы наиерханы димацәажәаӡакәа иаҳраҭ мҩа дықәлеит" ҳәа.
Хымԥада, аԥсуа ҵас инақәыршәаны аҩнра иаанагаз аҭаца ҿыц лхаҵеи лареи кыраамҭа еиццәырҵуамызт, лабхәеи лабхәында еиҳаби драцәажәомызт. Аҭаца аиҳабацәа иахьырбоз дтәомызт, лабхәа дзықәтәо аҟәардә, аҩны даныҟамгьы дықәтәомызт. Убас лаҳаҭырқәҵара аалырԥшуан.
"Анхәеи аҭацеи ахыбжа еимаркит" – анхәара, абхәара, аҭацара аԥсуаа рҿы
Аҭацацәа акыр ражәаҳәа иацклаԥшуан, рҭаацәара иалахәыз аиҳабацәа рыхьӡ иахаршалаз ажәақәа шиашоу ирҳәомызт, иашьашәалоу даҽа ажәак ала ирыԥсахуан. Уи атәы шьақәдырӷәӷәоит Баграт Шьынқәба ироман “Ахаҳә еиҩса” аҿы иаҳԥыло ацәаҳәақәа: "Ҳажәлантә аҭаацәа, аҭацацәа, сан раԥхьа днаргыланы, заҵа сабду ихьӡ рымҳәарыз, иахаршалаз ажәакгьы рҿадыршәуамызт, иаҳҳәап, "ажьа", "Бежьан" иахаршалоуп ҳәа "лымҳа кьацә" ҳәа иашьҭан".

Аҭаца леиҳабацәа рҿы лҿымҭра зыхҟьаз

Еицырдыруаз аԥсуа ажәабжьҳәаҩы Маадан Сақаниа иҳәамҭақәа рҿы иуԥылоит аҭаца лҿымҭра шьаҭас иаиуз атәы. Аҳәамҭа алагоит абас:
"Саҭанеи Гәашьа лҭацацәа шьоукы рабхәында еиҳабацәа цқьа пату рықәрымҵо ишыҟаз гәалҭахьан, уи лгәы лнархьуан, дазхәыцуан, абри нкылашьас иамоузеи ҳәа. Ҽнак лҭацацәа зегьы еизылган ус ралҳәеит: ­­­− Сҭацацәа нанраа, шәарҭ шәеиҳабацәа ирыхәҭоу шәдыруазароуп. Убри аҟнытә сара иахьарнахыс убас ԥҟараны иҟасҵоит: аҭаца лабхәеи лабхәында аиҳаби рҿы ацәажәара дақәиҭымкәа, ланхәа лыхьӡ лҳәар ҟамлауаны. Абри сақәыбӷоит, еилазгаз хирымҩа дақәымшәааит, иахьарнахыс абри шәшьалароуп, - лҳәан, Саҭанеи-Гәашьа дыбӷаны лҭацацәа ирыдылҵеит. Аҭаца лымцәажәара ҳәа уажәы аԥсуаа ирымоу Нарҭаа ирхылҿиааит, иаԥызҵазгьы Саҭанеи-Гәашьа лоуп" - рҳәоит.
Аиҵыбра ныҟәымгакәа, аиҳабра узныҟәгаӡом: аҭаацәара иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәак