Аԥсны

Аԥсны АдәАР Никарагуаҟа аҳәамҭа нанашьҭит Аԥсны азхарҵеижьҭеи 15 шықәса аҵра инамаданы

Никарагуа Аԥсны аҳәынҭқарратә суверенитет азханаҵеит 15 шықәса раԥхьа - 2008 шықәса цәыббрамза 3 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба никарагуатәи иколлега Денис Монкада Колиндрес иахь аҳәамҭа наишьҭит. Абри атәы аанацҳауеит АдәАР Амедиацентр.
"Иахьатәи амш ҳтәылазы акраҵанакуеит - цәыббра 3 2008 шықәса рзы Никарагуа Аԥсны жәлар ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы рзин ишадгыло аанарԥшит. Уи ашьаҿа ҟарҵеит дара рхада, Аԥсны аҩыза бзиа Хосе Даниель Ортега Сааведра раԥхьа днаргыланы", - иҳәеит Арӡынба.
Иара инаҵишьит аҩреспубликак рыбжьара аполитикатә диалог шыҿио, агәыӷрагьы ааирԥшит Денис Монкада Аԥсны 2023 шықәса лаҵарамзазы данаҭааз излацәажәаз аусқәа зегьы атәылақәа реизыҟазаашьа шеиӷьыртәуа, ишдырҿио.
2023 шықәса рзы ареспубликаҿы имҩаԥысит афорум "Global Abkhazia", уи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра иазкын. Аусмҩаԥгатә иаҭааит никарагуатәи аделегациа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада раԥхьа днаргыланы.
2023 шықәса ԥхынгәымзазы Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа зхадараҿы дыҟаз Аԥсны аделегациа Никарагуа иаҭааит Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра азгәаҭара алахәхаразы. Аганқәа рнапы аҵарҩит 2023 шықәсазы имҩаԥыргаша аусқәа рыплан, уи инақәыршәаны акультура, аспорт, аҵараиура, аҿартә политика аусхкқәа рҿы аусеицура азԥхьагәаҭоуп.
Аԥсны
Аԥсуа делегациа алахәылацәа Никарагуа русутә ныҟәара хдыркәшеит