Аҵарашықәс алагамҭаз ҳҭагылзаашьа иазҿлымҳауп зегьы, избанзар иара аинтерна иахыԥхьаӡалоуп Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьы рҟынтә ахәыҷқәа ҳәа лҳәеит Капԥҳа.
"Аформала ҳаиқәдыршәоит. Ашәҟәқәа Аԥсны иҭрыжьуа, хымԥада, аҵаҩы иҟынӡа инеиуеит. Иаҳа ипроблеманы иҳаман Урыстәыла иҭрыжьуа. Рыхә цәгьоуп, ҳҭаацәа урҭ раахәара рылшаӡомызт. Ҳанеиқәдыршәа, уи даара иҳахәеит. Егьырҭ ашәҟәқәагьы ҳарзыԥшуп, аха уаанӡа иҳамоу ахәыҷы еидаҳкылоит, ахәыҷқәа шәҟәыда иаанымхарцаз, иҳацхраауа адәқьанқәагьы ыҟоуп", - ҳәа лҳәеит Капԥҳа.
2007 шықәса рзы ахыбра шьаҭанкыла ишьақәыргылан, аха 200-ҩык инацны ахәыҷқәа ахьыҟоу акорпус ԥхасҭахоит, есышықәса иазоужьу аԥарақәа рыла убри хылаԥшра аҳҭоит ҳәа лҳәеит Капԥҳа, аинтернат аҭагылазаашьа ахҳәаа аҭауа.
"Уажәы ҿыц акрыфарҭа еиҭашьақәыргылан, ибжьысны иҳамаз ҳмашьынагьы еибыҭоуп, аспорт тауаргьы иааҳхәеит, ҳҽырҟәыбҷаны ҳаҟоуп", - азгәалҭеит лара.
Капԥҳа илҳәеит алицеи-аинтернат ахь актәи акласс рыдкыларазы аԥҟарақәа шдырџьбараз, убри аан 5-9 аклассқәа рахь зынӡагьы ахәыҷқәа рыдыркылаӡом.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.