Аԥсны

Шәача цәыббрамза 5 рҟынӡа амшцәгьақәа ҟалоит ҳәа ауаа ргәы рҽанырҵеит

Цәыббра 3-4 рзы Шәача ақәаршҩы ӷәӷәа, адыдмацәыс, аԥшатлакә ҟалоит, уи иахҟьаны аӡиасқәа рыҩаӡара шьҭыҵуеит, амшын агәаны аԥшаргьагьа ықәлар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 3 - Sputnik. Шәача цәыббрамза 5 рҟынӡа амшцәгьақәа ҟалоит ҳәа ауаа ргәы рҽанырҵеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АҶА иатәу Краснодартәи атәылаҿацә аҳәынҭусбарҭа.

Ақалақь аҿы ақәаршыҩқәа, адыдмацәыс, аԥшатлакә зымчхара 20-25 метра секундк иҟоу ҟалар ауеит. Уи адагьы, аӡиасқәа хыҵыр, аӡымҭҟьар леир алшоит, иара убас амшын агәаны Магри - Весиолое иахьаҵанакуа аԥшаргьагьа ықәлар ҟалоит.

АҶА ақалақь анхацәеи асасцәеи ргәы рҽанырҵоит аҩны иаангыланы, амш зеиԥшрахо иацклаԥшларц, ишәарҭахар, рдокументқәеи, еиҳа зыхә дуу рымаҭәақәеи, амедикаментқәеи рыманы иаарласны рыҩны адәылҵра иахьӡарц.
Аԥшаргьагьа адгьыл иқәлар, иаҳа иузааигәоу ажра уҭаланы уҽуҵәахроуп, иԥжәоу афымцацәаҳәақәа, аҵла ҳаракқәа, аӡыргаратә ҭыӡқәа, аандақәа рааигәара умнеироуп.