Аибашьрахь инамышьҭтәыз аибашьцәа ҳацәҭахон ҳәа азгәалҭеит Ашәԥҳа, еибашьуаз арԥарцәа лгәаларшәауа. Ҳгенофонд ааха ду аиуит, аҵара змаз ҭахеит лҳәеит лара аиҿцәажәараҿы.
"Агәра ганы сыҟан сара ҳара ҳаҵахаӡом ҳәа. Ҳара ҳҳәынҭқарра ахақәиҭра ҳахьчеит, аха ишақәнагаз иҳазмыргылаӡеит ҳәа сазхәыцуеит. Иаҳԥырхагахаз амзызқәа рацәахеит. Ҳара ҳгенофонд даара ааха ӷәӷәа аиуит. Аҳәынҭқарра аргылашьа иазхәыцшаз ауаа ҳацәҭахеит. Иаанахаз зҵара азымхаз рацәахеит. Аҷкәынцәа аҵара змауз роуп инхаз раӷьырак. Инагӡаны иҟаҳҵаран иҟаз ҳзыҟамҵаӡеит", - лҳәеит Ашәԥҳа.
Аибашьрахь лцара шыҟалаз атәы еиҭаҳәауа, Надежда Ашәԥҳа иазгәалҭеит аԥсадгьыл ахьчара шаҭахыз азы ааӡара шрылаз зегьы, аҩны дшаанымгыло азы лҭаацәа ишралҳәахьаз. "Зегь реиҳа сзыршәоз - аӷа инапаҿы аҟалара акәын", - лҳәеит арадиоефир аҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.