Аԥсны

Аԥсны акультуратә афиша: “Мастерскаиа” агастрольқәа, аклассикатә концертқәа

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит есымчыбжьа ареспубликаҿы имҩаԥысуа атеатртә қәгыларақәа, аконцертқәа, ацәыргақәҵақәа уҳәа жәпакы разгәаҭа.
Sputnik
Иахьа - цәыббра 4-10 рзтәи Аԥсны акультуратә афиша.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Акультуратә мчыбжьы аатуеит Москва Аҩны аҟны ацәыргақәҵала.
Аԥсны Урыстәыла акультура Амшқәа рҳәаа иҭагӡаны уа еиҿкаахоит ацәыргақәҵа "Урыстәыла – ҩ-дунеик". Ицәыргахоит москватәи асахьаҭыхыҩцәа Наталиа Баженовеи Татиана Ошурковеи русумҭақәа.
Аҟәа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы цәыббра 5-7 рзы иаартхоит афотоекспозициа, Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи иазкны.
Иара убас цәыббра 5 асааҭ 19:00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы иддырбоит Мушьни Лашәриа ипоема "Ахьтәы уасцәа" иалху аспектакль.
Аԥсны
Ажәлар ирылҵыз апоет: Мушьни Лашәриа алитература аҳаракырахь имҩа
Цәыббра 6 асааҭ 19:00 рзы Аҳәынҭфилармониаҟны имҩаԥгахоит Иури Охочински иконцерт. Аконцерт иалахәхоит: Алексеи Самарин иџьаз-трио. Инагӡахоит Самарин ирепертуар аҟынтәи ашәақәа реиԥш Френк Синатра, Том Џьонс, Енгельберт Хампердинк рашәақәагьы.
Цәыббра 6 - 10 рзы Аԥсны иаҭаараны иҟоуп Санкт-Петербургтәи атеатр “Мастерская”. Хәымш рыҩнуҵҟа актиорцәа ахәаԥшыҩцәа иддырбараны иҟоуп аспектакльқәа:
Цәыббра 6 асааҭ 19:00 - “Ромеои Џьульеттеи”
Цәыббра 7 асааҭ 19:00 - “Аҳәсақәа”
Цәыббра 8 асааҭ 19:00 - “Варшаватәи амелодиа”
Цәыббра 9 сааҭ 16:00 - “Аизумруд-қалақь аҟынтә анашанаҟаҵаҩ”
Цәыббра 10 асааҭ 16:00 - “Винни-Пыҟәи зегьи-зегьи-зегьи ”
Пицундатәи аныхабааҿы Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи бзиа еицырбо аклассикатә музыка аконцертқәа мҩаԥгахоит:
Цәыббра 4 асааҭ 17:00 рзы – аклассикатә музыка аконцерт
Цәыббра 5 асааҭ 17:00 рзы – Лука Гаделиа иуарӷантә концерт
Цәыббра 6 асааҭ 17:00 рзы – Аҳәынҭқарратә хортә капелла аконцерт
Цәыббра 7 асааҭ 17:00 рзы – Аҳәынҭқарратә камератә оркестр аконцерт
Цәыббра 8 асааҭ 17:00 рзы – ауарӷантә концерт
Цәыббра 9 асааҭ 17:00 рзы – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа рконцерт
Цәыббра 10 асааҭ 17:00 рзы – ауарӷантә концерт.