Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Надараиа адгьыл ақәаарыхра изацу аинтерес иазкны

Sputnik
Аҟәа инхоз, аха заб инхара еснагь згәы иҵхоз, ақыҭахь нхара ииасыз Ҭемыр Надараиа арадио Sputnik аефир аҿы игәалаиршәеит ақыҭа иадҳәалаз ихәыҷрашықәсқәа ртәы, еиҭеиҳәеит иахьа уа иԥсҭазаашьоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.