Аԥсны

Гал араион аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи аџьаԥҳаны ахьыҵәахыз рбеит

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аԥсны иалагеит 1992 шықәса нанҳәа 14 рзы, ицон 413 мшы – 1993 шықәса цәыббра 30 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 4 – Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи русзуҩцәа Гал араион аҿы Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи аџьаԥҳаны ахьыҵәахыз рбеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзура.
Аџьаԥҳаны ҵәахын Пичора ақыҭан. Илгоуп аминаршәгақәа ҩба, агранатаршәга СПГ-9 ахысгақәа ҩба, агранатаршәга РПГ-7В ахысгақәа ҩба, авиациатә ракета НУРС.
Аџьаԥҳаны анаҩс иқәырхразы Аԥсны АҶА ирыҭоуп.