Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Џьынџьалԥҳа Аԥсны акризистә центр аԥҵара иазкны

Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчараз азинмчра змоу Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Урыстәыла иҟоу аҭаацәеи ахәыҷқәеи рыцхыраараз ацентр лаҭаара хықәкыс иамаз, насгьы ҳтәылаҿы ус еиԥш аҭыԥ аартразы ицо аусура атәы.
Sputnik
Аҭаацәеи ахәыҷқәеи рыцхыраараз ацентр Урыстәыла аус шауа сахәаԥшыр сҭахын, аҭаацәа уаанӡа инеиаанӡа иарбан ҭагылазаашьақәоу изықәшәақәо еилыскаауан ҳәа адырра ҟалҵеит аиҿцәажәараҿы Џьынџьалԥҳа.
"Сыблала избар сҭахын ахәыҷқәа рзы ари ацентр ҵакыс иамоу, исаҳахьан уи усҟан ишырнымаало. Еилыскаауан иарбан специалистцәоу уа аус зуа, насгьы иарбан цхыраароу ирырҭо ахәыҷқәеи аҭаацәеи. Ацентр аусура аиҿкаара даара исгәаԥхеит. Иреиҳаӡоу асоциалтә цхыраара аҭаацәеи ахәыҷқәеи ирызҭо акәны иҟоуп. Ахәыҷқәеи аҭаацәеи уа ҽынла иаангылоит, зынӡа хылаԥшра змам ахәыҷқәа уа иҟоуп. Ацентр аусзуҩцәа хықәкыс ирымоуп аҭаацәара аиқәырхара. Аспециалистцәа ирыҿцәажәоит, ирзымдыруа ддырҵоит. 150-ҩык ахәыҷқәа аднакыларц алшоит, аха сара саныҟаз 50-ҩык ракәын иҟаз", - ҳәа еиҭалҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчараз азинмчра змоу илҳәеит Аԥсны ас еиԥш ацентр шаҭаху шеилыркаауа, уи аргыларазы аҭыԥ азалхра ишазыԥшу. Шықәсык 10-12-ҩык ахыҷқәа ацхыраара зҭаху ҳақәшәоит, урҭ рҭагылазаашьа ҷыдоуп ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа. Ацентр аусура аинтернат ҳасабала еиҿкаатәым, иарбатәуп аамҭа, фымз рҟынӡа уа иҟазарц шалшо азы, уи аамҭа иалагӡаны аспецилистцәа ахәыҷы ма иҭаацәара рахь ддырхынҳәыроуп, ма ахылаԥшра изҭо аҭаацәа рыԥшаароуп ҳәа лҳәеит Мактина аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.