Аԥсны

Пицунда амшын иӡааҟәрылоз ахәыҷы деиқәзырхаз аӡӷаб амедаль ланаршьеит

Волгоградтәи аӡӷаб қәыԥш жә-шықәса зхыҵуа аҷкәын деиқәлырхеит уи ишьапы ҷаркәалкны дӡааҟәрыло даналага.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 4 - Sputnik. Пицунда амшын иӡааҟәрылоз ахәыҷы деиқәзырхаз Арина Смирнова "Ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхаразы" амедаль ланаршьеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
"Аӡы иагоз ауаҩы иеиқәырхараан агәымшәареи ахымшаҭареи рзы" амедаль ланашьаразы адҵа инапы аҵеиҩит аминистр Лев Кәыҵниа.
Арина Смирнова Пицунда амшын дахьҭаз илбеит Матвеи Паламчук хӡааҟәрыла шыҟаиҵаз, аха аӡы дышхәыҵымҵыз. Анаҩс ишеилкаахаз ала, ишьапы ҷаркәалкын, аӡы иҿаҵәеит, дӡааҟәрыло далагеит.
Алина Смирнова ииашаны ахымҩаԥгашьа дахьақәшәаз иабзоураны Матвеи деиқәырхан.
Аԥсны
Пицунда аӡӷаб қәыԥш ахәыҷы деиқәлырхеит