Гал араион аҿы 3 нызқь гектар инахыҳәҳәо аџьықәреи ларҵеит, 5 500 тонна рҟынӡа ҳахьақәгәыӷуаз, 50% ҳмоур ҳәа ашәарҭара ҳамоуп ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Шьониа.
"Иауз ақәа хәыҷык иагхеит, 10-15 мшы раԥхьаҟа иҳаузҭгьы ҳусқәа даара ибзиахон. Ҵыԥх зынӡа еицәан, сынтәа ҳаиӷьуп. Аха еиҭа еиӷьзар ҳҭахын. Убри аан араион аҿы арыц ҟамлартә еиԥш аҭагылазаашьа ҟалаӡом, аарҩара ҳԥырхагахеит, аха амла ҳаԥсыртә еиԥш ҳаҟаӡам", - ҳәа иҳәеит Шьониа.
Гал араион агроном хада еиҭеиҳәеит араион аҿы аҽаҩра аҭагылазаашьа хылаԥшра шарҭо атәы. Есымчыбжьа аизарақәа ҳамоуп, ақыҭа ахадацәа алархәны, аимадара бзиа ҳамоуп, џьара хәаҷак ҵысыма, иаразнак адырра ҳауеит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.