Арадио

Мушьни Лашәриа ипоезиа азы: ԥсҭазаарас исыман

Sputnik
Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәри 85 шықәса ихыҵреи ирҿиаратә мҩа 70 шықәса ахыҵреи ирызку Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа мҩаԥысуеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы. Арадио Sputnik аефир аҿы иара еиҭеиҳәеит апоезиа ажанр иара изы ҵакыс иамоуи, иҩымҭақәа рҟнытә иаликаауеи, урҭ раԥҵара шинырызи, аурыс литература абеиареи ртәы.
Ҳаԥхьа игылаз ҳаиҳабацәа Дырмит, Баграт иуома, уск мацара иаҿыз дысгәалашәом, аха сара даҽакала сеиҿкаан апоезиатә жанр садҳәалан, ҳәа ихы иазиҳәоит Мушьни Лашәриа.
"Апоема, аепикатә ҩымҭақәа срыдҳәалан, аиҭагақәа. Убарҭ зегьы поезиатә ҩымҭақәан. Зны ажанр маҷқәа рҿы, ажәеинраала, алирика, уи иахьа уажәраанӡагьы саҿуп, урҭ атомқәа шьақәдыргылоит. Нас маҷ-маҷ апоемақәа рахь сыиасит "Ахьтәы уасцәа" раԥхьа инаргыланы", – ҳәа азгәеиҭеит Жәлар рпоет.
Мушьни Лашәриа далацәажәеит ипоема "Ахьтәы уасцәала" аԥсуа театр ақәыргыламҭа шидикылаз, уи дшахәаԥшуа атәы. Иара убасгьы еиҭеиҳәеит еиҭага "Евгени Онегин" ҵакыс изамоу атәы.
"Ауаҩы даныҷкәыну – амшын шьамханы изааиуеит. Ароман анеиҭазгоз Пушкин иқәра сҭагылан. Саналагоз инаркны саналгоз аҟынӡа, уи агәахәара снаҭон. Евгени Онегин – Пушкин иҩуеит ирҿиамҭақәа зегьы ишреиӷьеишьо, иара саргьы, аиҭагақәа ҵҩа змам рҟынтә ари ашедевр иаҳа иалыскаауеит. Иаҳа исызгәакьоуп. Уи са сыхнахит. Сагеит", - ҳәа иҳәеит Лашәриа.
Мушьни Лашәриа иара убасгьы далацәажәеит аԥсуа литературеи аурыс литературеи реимадара аҳәаақәа рыҭбаара шибо, уи азы ишаҭаху аматериалтә цхыраара ашәҟәқәа рҭыжьразы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.