Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчагақәа Москва адронқәа рыла ажәлара аԥдырҟәҟәааит

Работа ПВО второго армейского корпуса на Южном направлении
Москва аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла иажәлеит, урҭ Калугатәи аобластии Истринсктәи араиони иахьрыҵаркуаз иҭархан.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчагақәа Твертәи аобласт, Завидово араион аҿы Москва зхы ақәкны инеиуаз адрон карыжьит, азӷьы дҭамхеит, ахыбрақәа ԥырхага рмоуит, абри атәы иҩуеит аҳҭнықалақь ахада Сергеи Собианин Telegram-канал аҿы.
"Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчагақәа Твертәи аобласт, Завидово араион аҿы Москва зхы ақәкны инеиуаз адрон карыжьит. Заанаҵтәи аинформациала ԥырхагак ҟамлеит. Аҭыԥ ахь инеиит амаҵзура ҷыдақәа", - иҩуеит Собианин.
Украинатәи амчрақәа аамҭа-аамҭала урыстәылатәи арегионқәа адронқәа рыла ирыжәлоит. Аиҳарак – аҳәаа иаԥну аҵакырақәа: Курсктәи, Бриансктәи, Белгородстәи аобластқәа, иара убасгьы Ҟрым.