Урыстәыла

Урыстәылатәи абиржаҿы абылтәы Аи-92 ахә рекордтәхеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 5 - Sputnik. Санкт-Петербургтәи Жәларбжьаратәи атауар-аӡатә биржаҿ абензин Аи-92 тоннак азы 65 нызқьмааҭ рҟынӡа ахә халеит, абри атәы шьақәнырӷәӷәоит ахәаахәҭратә рбагақәа.
Абензин Аи-92 иатәу амарка Урыстәыла Европатәи ахәҭа аҵакыратә индекс ала ахә шьҭыҵит 0,53%, (65 160 мааҭ тоннак азы). Иара убас абылтәы АИ-95 ахә рекордтәхеит- тоннак азы 75 612 нызқьмааҭ рҟынӡа ахә халеит.
Адизельтә былтәы ахә лаҟәит 0,04%, (68 305 мааҭ тоннак азы). Нанҳәамзазы иара ахә 18,5% ишьҭыҵит.
Абиржатә былтәы хәыԥсақәа аԥхын ррекордқәа еиҭахацдыркит. Аиҭакрақәа рыдырҳәалоит анефҭусадуларатә зауадқәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа.
Аԥсны
Аекономика аминистрраҟны ирҳәеит Аԥсны абылтәы ахә ашьҭыҵра зыхҟьо