Аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы Мушьни Лашәриа иҷыдоу аҭыԥ ааникылоит, ҳәа иазгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Мықәба.
""Сҭамԥылтәи аџьармыкьа" инаркны аԥхьаҩцәа даара бзиа деицырбеит. Уи ипоезиа даара иҵаулоуп, даара иҳаракуп, абаҩхатәра шимоу зегьынџьара ирныԥшуеит. Ирацәаны аџьабаа ихы иаирбеит аиҭага аус аҿы. Иара иоуп раԥхьа Кремль дгыланы Пушкин ицәаҳәақәа ирыԥхьаз аԥсышәала. Аҵыхәтәантәи ишәҟәы "Ахьтәы уасцәа", сгәанала, акритикцәа, алитератураҭҵааҩцәа инарҵауланы изызхьаԥшло, даара иҭбаау ҩымҭаны иҟоуп. Иара дажәны арҿиара инапы алымкәа дыҟаӡам, уажәгьы иара еиԥш иааԥсоу даҽаӡә дыҟоуп ҳәа сыҟаӡам. Ҳаԥсуа литература дагымзааит", – ҳәа иҳәеит Мықәба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.