АҞӘА, цәыббра 6 - Sputnik. Краснодартәи аҳазалхырҭа Аԥсны закәаншьаҭада иалыргоз атауарқәа арратә операциа ҷыда аибашьцәа ирзынанашьҭит, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
Атауарқәа зегьы Аԥсны иалыргон аҳазалхратә закәанԥҵара еилаганы, ашәҟәы иҭамгалакәа, иахәҭоу адокументқәа рыцымкәа.
Аибашьцәа ирыҭан 10 000 ҭоԥ аҭаҭын, 300 литра инацны абзазаратә химиа, асалфеҭка цәаакқәа 10 ҭоԥк.
Закәаншьаҭада имҩаныргоз атауар рымхын административтә ус аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳазатә ԥҟарақәа реилагаразы 62 ус хыцыркуп.