Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Владимир Путини Реџьеп Таиип Ердогани аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргеит Шәача, цәыббра 4 рзы. Аиԥылараҟны излацәажәоз азҵаара хадақәа иреиуан ԥхынгәымзазы Урыстәыла злыҵыз ачарыц азы аиқәшаҳаҭра. Аҩҳәынҭқаррак рхадацәа имҩаԥыргаз апресс-конференциаҟны иазгәаҭан Урыстәыла шазыхиоу арыц азы аиқәшаҳаҭра ацҵара, уи аԥхьа излацәажәахьаз аԥҟарақәа ирықәныҟәаны. Путини Ердогани реицәажәарақәа рылҵшәақәа, Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рекономикатә еизыҟазаашьақәа, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла ахатә ресурсқәа ахы ишанырхәо уҳәа ахҳәаа рзиуит Аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.