Аибашьра ҟалаанӡа ҳара Аԥсны ыҟан ҳәа цқьа иҳаздырӡомызт, ҳаиҳабацәа ирхыргаз мариамызт, алацәажәарагьы рҭахӡамызт, ҳәа азгәалҭеит Папԥҳа аиҿцәажәараҿы.
"Амч змаз уаҳа акгьы дазымхәыцкәа арахь деихеит, сара аԥшқа дсыман, иҳалшоз ҳџьыба иҭаз аԥара акәын, ҳнапы иахаз амацәаз акәын, убарҭ еидаҳкылан арахь иааҳашьҭит", - еиҭалҳәеит Ҳандан.
Атәым дгьыл аҿы аԥсуара аиқәырхара шрылшаз азы Ҳандан илҳәеит, ашьа ахьынӡаҳалоу, ҳаԥсы ахьынӡаҭоу ҳаԥсыуаауп, уи иӡӡом ҳәа.
"Аԥсныҟа ҳаара – џьара ацара ҳәа акәым, ҳаҩныҟа аароуп, убас акәын ҳшазхәыцуаз. Раԥхьа аӡӷаб дааҳашьҭит, 11 шықәса лхыҵуан. Усҟан иааз ахәыҷқәа иаадырԥшыз аԥхарроуп ҳара арахь ҳаазгаз. Сара уаантә данаауаз иласҳәеит, бабдуцәа аӷба ианақәтәоз иаанрыжьуаз ашьхақәа ирыхәаԥшуан ҳәа, лара лылақәа иаҵәоуп, ҳабдуцәагьы ус иҟан, урҭ рылақәа бхоуп, ибхабмыршҭын ҳәа ласҳәеит", - еиҭалҳәеит Ҳандан Папԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.