Отаԥтәи аҳаԥы аиҳабы иазгәеиҭеит, аԥхынтәи амзақәа рашәарамзазы зынӡа аус шырзымуз, ԥхынгәымзазгьы аҭааҩцәа шмаҷыз, ауаа анрымаз нанҳәамзазы шакәу.
"Ииули, августи, сентиабр нҵәаанӡа ауаа ҳадаҳкылоит, аус ҳаулоит. Август иаацқьаны ҩ-нызқьҩык ҳаман. Уажәы сентиабр азы иаҳа ауаа маҷхеит, ахәыҷқәа змоу цеит, ҳгәы иаанагоит хәыҷык зықәра неихьоу аауеит ҳәа, уи гәаҳҭахьеит, амза жәаба нахыс идәықәлоит ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳацәгьаӡам сынтәа, ҵыԥх аасҭа ҳаиӷьуп. Амшқәа иҳаҵаркит аԥхьатәи амзақәа рзы иуадаҩын, иааиуазгьы цәгьала инаҳашьҭуан, аха август ибзианы имҩасит", - иҳәеит Адлеиба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.