"Дцон аԥҳәызба еибашьра" - абас ахьӡуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik апроект. Уи аҟны аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа еиҭарҳәоит.
Леон иорден занашьоу Иамзе Қапԥҳа арадио Sputnik адырраҭара "Дцон аԥҳәызба еибашьра" аҿы илгәалалыршәеит аибашьра шалагаз, лашьа данҭаха ашьҭахь аԥсадгьыл ахьчара дышцаз, еиҭалҳәеит иарбан гәыӷрақәоу аиааира иадырҳәалоз, иахьа аҭынч ԥсҭазаараҟны лнапы злаку.
"Иуадаҩӡан, аха зегьы акоуп сгәы иаанагон "Аԥсынра аиааира агоит, ишԥаҵахари, анаџьалбеит, аԥсуаа" ҳәа. Арахь абџьаргьы ҳамаӡамызт. Аибашьра уаналагылалак, уанашьцылак, узыцәшәо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Сыршьыргьы сыршьит, саанхаргьы саанхеит ҳәа сыҟан усҟан. Схәыҷқәа рзы, сҭаацәа рзы сышԥамгәырҩоз, арахь сашьа дыршьхьан, егьи сашьа Ешыра деибашьуан, аха агәҭацәҟьа уаналагылоу, иаҳа угәы урҭынчуеит", - лҳәеит Қапԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.