Араион аҟны 600 гектар адгьыл цәаӷәан, аиҵахарақәа хәыҷык ҟалазаргьы зегьы ишахәҭаз иҟаҵан ҳәа азгәеиҭеит аицҿцәажәараҿы Каҷабаа.
"Аарҩара иахҟьаны анхацәа рџьабаа алҵшәа амаиуит. Даара ргәы каҳан иҟоуп. Ҵыԥхгьы сынтәагьы аура ҟамлеит. Иааидкыланы ҳзықәгәыӷуаз аҟынтә 50% роуп иалҵуа. Уажәы илеиз ақәа иҟанаҵо ҳахәаԥшып, аха даара ихьшәаны илеит. Аџьықәреи ҟамларгьы, ма аҟашәа роуп", - ҳәа азгәеиҭеит Каҷабаа.
Гәылрыԥшь араион амашьына-техникатә станциа аиҳабы иажәақәа рыла, изларылшоз ала анхацәа ацхыраара рыҭан, ахәаҷа аҟынтә ихәшәтәын, ҩынтә-ҩынтә ҳахьахысызгьы ыҟоуп ҳәа иҳәеит Каҷабаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.