Урыстәыла

Урыстәылатәи арегионқәа рыҟны цәыббра 6-7 руха иҭархан аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа

Киевтәи арежим иааиԥмырҟьаӡакәан аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла урыстәыла ахыбрақәа рыжәлара рҽазыршәоит. Урыстәыла аҳауахьчаратә мчқәа арҭ ахархәагақәа аҳауаҿ иҭадырхоит.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 7- Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа аҳаирплан ҟазшьа змоу украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа хәба карыжьит цәыббра 6-7 ауха. Абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Урҭ рҟынтәи ҩба Ростовтәи аобласт аҿы икарыжьит. Руак аԥҽыхақәа ақалақь иналган икаҳаит, егьи - Ростова-на-Дону, Пушкинскаиа амҩаҿы. Ахыбрақәа хԥа рҿаԥшыларҭақәеи машьынаки ааха рыҭоуп. Аӡәы амедицинатә цхыраара даҳәеит. Уи ахәшәтәырҭа ашьҭалара мап ацәикит.
Иара убасгьы ааха аҭоуп афымцаԥырҟа. Уи иахҟьаны лашарада иаанхеит 20 ҩны.
Егьырҭ аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ҩба ҭадырхеит Бриансктәи аобласт аҿы. Аӡәгьы ԥырхага имоуит. Аихамҩатә вокзали авокзал ашҭеи рҟны асаркьақәа рыхәҭак ԥҽуп, автомашьынақәак ааха рыҭоуп.
Аҽа аԥырҩы дызҭам хархәагак карыжьит Подмосковие, ауадақәа хәба рԥенџьырқәа ҭҟьеит, амашьынақәа ԥшьба ааха роуит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчагақәа Москва адронқәа рыла ажәлара аԥдырҟәҟәааит