Арадио

Арышԥҳа аибашьразы: 15-ҩык аҷкәынцәа сааҭк ала иануцәыӡуа - хьаа дууп

Sputnik
Леон иорден занашьоу Манана Арышԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит, еибашьра ицахьаз лаҳәшьеи лашьеи рышьҭахь, лани лаби ирамҳәаӡакәа афронт ахь лцара шыҟалаз, дызлаз агәыԥқәа аибашьцәа ҳаҭырла ишлызныҟәоз, насгьы зегь реиҳа хьаа дуу иахьагьы илыцу аибашьра ахҭыс.
Манана Арышԥҳа илҳәеит Дед икоманда анҭаха ашьҭахь лгәы шеиҭаԥаз, убысҟан аибашьрахь дышцо азы аӡбамҭа шлыдылкылаз.
"Тҟәарчал ианалалоз ҩнаҭацыԥхьаӡа аҳәҳәабжь гон, кәакьцыԥхьаӡа иҵысуан. Сгәы еиҭаԥеит. Џьара ԥсык еиқәсырхаргьы акы саԥсахоит сҳәан агәыԥ сыҽҭазиҩит", - ҳәа илгәалалыршәоит Арышԥҳа.
Манана Арышԥҳа раԥхьатәи лгәыԥ "Ласточка" тҟәарчалаа рыҷкәынцәа еидызкылоз, анаҩс лашькьындараа ргәыԥ "Малыш" ахь дыиасит.
"Саҳәшьа ҳәа жәа агәыԥ аҿы иансарҳәоз сцәа сынҭаӡыӡон. Уи ацымныҟәара даара ихьанҭоуп", - ҳәа азгәалҭеит Манана.
Аветеран илгәалалыршәеит раԥхьатәи лыхәцәа, еиҭалҳәеит зегьы реиҳа иуадаҩыз, аԥсҭбара рацәа зцыз Цагьера ақыҭа аҭарцәаразы имҩаԥгаз аоперациа.
"Сара аҭынч ԥсҭазаараан Цагьера ахьыҟазгьы сыздырӡомызт. Убыс иҟалеит, сашьагьы саҳәшьагьы злаз агәыԥқәеи ҳара ҳгәыԥи еиқәшәеит. Ҳара амшын аҿықә аганахьала ҳцон. Даара иӷәӷәахеит аҭагылазаашьа. 15-ҩык аҷкәынцәа ҳацәҭахеит уи аҽны. 15 шықәса зхымҵуаз ахәыҷқәагьы ҳацын, иҳацәҭахеит Руслан Есоглы, Шармат Незбеи ҳәа дҳацын, Цагьера ибзианы идыруан. Дҳаԥхьагылаҩны дцон, амҩақәа ҳирбон. Агранатомиот артҟәацга аауан, Незбеи 70 шықәса ихыҵуазарын ҟаларын, гәышԥыла аснариад аанкыланы ҳара ҳаиқәирхеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Арышԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.