Арадио

Аԥшьлааԥҳа "Идырым аибашьҩы" азы: иааит аамҭа ицәыргамыз ауааԥсыра рҭоурых аиҭаҳәара

Ажурналист, арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Лана Аԥшьлааԥҳа лпроект "Идырым аибашьҩы" ӡыргоуп Аҟәа. Уи автор арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит, апроект анагӡаразы агәҭакы шлызцәырҵыз, насгьы уи ала ажурналистцәа зегьы рҟынӡа иналгарц илҭахыз.
Sputnik
Авидеопроект еиҿкаауп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз. Уаҟа иазгәаҭоуп 30 шықәса рыҩнуҵҟа зныкгьы аинтервиу азымҭац, зеибашьратә мҩа еиҭазымҳәац аибашьра аветеранцәа рыҿцәажәарақәа. Зынӡа иҭаҩуп 15 ҭоурых.
"Аханатә еилыскаауан иуадаҩыз амҩа шалысхыз, аха асцәҟьа иуадаҩхоит ҳәа сыҟаӡамызт, сақәгәыӷӡомызт. Сара сзы зегь иреиҳау иааироуп арҭ аветеранцәа "ааи" дырҳәара. Абри акәын зегь раасҭа иуадаҩыз. Ари шәара шәзы акәым, ари аҿар рзы, шәыхшара, шәмаҭацәа рзы иаҭахуп, аҭоурыхтә хҭысқәа раҳәалатәуп, ирдыруазароуп ҳәа расҳәон. Сгәы иаанагоит иааит убри аамҭа, ицәыргамыз ауааԥсыра, аџьабаа збаз, рҭоурых аиҭаҳәара. Дара рхы еиҭарҳәартә еиԥш алшара рыҭара. Даргьы иазхиазшәа збоит, убри аҟнытә ибзиахон, ажурналистцәа зегьы уи аус ҳазнеир", - ҳәа лҳәеит Аԥшьлааԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.