Асахьаҭыхга-цәҟьақәа рхархәарала еилкаауп Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны аламала ауаҩы илаԥш иҵамшәо ашәарахқәа шыҟоу. Аԥсабараҭҵааҩцәа афотоҭыхгақәа ықәдыргылеит Ауадҳара, Кәыџба Иашҭа, Ԥсиҵа, Ахьыхәдарра уҳәа реиԥш иҟоу ашьхаҭыԥқәа рҿы. Абасала абнатә ԥстәқәа рцарҭа-раарҭақәеи, рхыԥхьаӡареи рдырразы ирышьклаԥшуеит. Ашәарахқәа рзы ихырҵәагахаз аԥсқьарра аԥырҟәҟәааразгьы ицхыраагӡоуп уи. Амшә, ашьабсҭа, абынҽацә, абӷаџьма, ақәасабқәеи аԥслаҳәқәеи, абнацгәы, абынҳәа, аашьышь –арҭ абнатә ԥстәқәа асахьаҭыхга-цәҟьақәа "иркит" Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аҿы.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аекологиеи абнатә ԥстәқәа рыҭҵаара аҟәша алаборант Асҭан Арсҭаа арадио Sputnikаефир аҟны еиҭеиҳәеит хықәкы хадас иамоу Амилаҭтә парк аҟны асахьаҭыхга-цәҟьақәа рышьақәыргылара, инарыгӡо аҭҵааратә усурақәа зызку.
Арсҭаа иазгәеиҭеит абнатә ԥстәқәа рыҭҵаарзы Даниил Арухааи иареи асахьаҭыхга-цәҟьақәа шьақәдыргылоижьҭеи шьҭа ԥшьбаҟа шықәса шҵо.
"Абнатә ԥстәқәа рыҭҵаара, рышьклаԥшра, рҭыхра, афото-авидео материал аизгара ҳаҿуп. Нас, уи зегьы аԥсабаратә ҭҵаара аҟәшахьы ираҳҭоит. Рызҳашьа, рыҿиашьа, рыԥсҭазаашьа ҭаҳҵаауеит. Ус еиԥш аусумҭақәа уи аԥхьа иҟаӡамызт. Хар змам аматериал еидаҳкылахьеит, ауаҩы дызхәаԥшратәы иҟоу, ҳазлаҽхәаша. Иҟоуп макьана иҳазҭымхыцгьы, аус здаҳулаша", - иҳәеит Арсҭаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.