Арадио

Чамагәуаԥҳа: иахьагьы сыбла ихгылоуп бџьарда еибашьра ицоз аҷкәынцәа

Леон иорден занашьоу Ламара Чамагәуаԥҳа аибашьра дшалагылази, афронт ахь лцара шыҟалази, ахәцәа ацхыраара рыҭараҿы амчқәа лызҭози ртәы еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы.
Sputnik
Аибашьра сцоит ҳәа уаанӡа аӡәы иҳәаргьы исызхамҵар ҟаларын ҳәа азгәалҭеит аиҿцәажәараҿы Чамагәуаԥҳа.
Аханатә лара Шыцкәаратәи агәыԥ далан, анаҩс Афон-Ешыратәи абаталион.
"Ауаҩы дышудгыло деиӷрыжәжәа даныҟанаҵо, раԥхьа ушанханы уаанхоит, аха нас ацхыраара иҭара уаалагоит. Иҟауҵаша ҟаҵаны уаналгалак ауп ианулсуа. Убас атанкистцәа ргәыԥ ацхыраара анырҭахха ҳаҩны ҳцеит, ахысра иаҿын, аха ацхыраара уанцо, уи узгәаҭаӡом. Аҭыԥ аҿы ҳнеины аҷкәынцәа ацхыраара рыҭаны машьынала ианаҳашьҭ, ҳара ҳхынҳәыр акәын, усҟан иаҳхаҳгаз зегьы ҳалсит, ашәара усҟан ауп ианухьӡо. Сшәаӡом аӡәы иҳәаргьы исызхаҵом, сара сышшәоз инҵәеит аибашьра", - еиҭалҳәеит аветеран.
Ламара Чамагәуаԥҳа илҳәеит бџьарда ажәылара ицоз аҷкәынцәа ахаан ишылхамышҭуа.
"Марттәи ажәылара ианцоз аҷкәынцәа абџьар рымаӡамызт. Ҳротаҿы еибашьуаз 17-18 шықәса зхыҵуаз ыҟан. Иракли Шәқьериа Замир Аҩӡба абџьар рымамызт, игатәыз аџьаԥҳаны рҟәаҟәа икыдҵаны ицон, нас ажәылараҿы ак шԥаҳмори ҳәа.Урҭ аҷкәынцәа иахьагьы сыбла ихгылоуп, дара рыҩџьагьы ҭахеит, урҭ ашәара захьӡыз рыздырӡомызт. Аибашьра ахьынӡацоз, дарбанзаалакгьы "ҳаиааиӡом" ажәа аӡәы иҳәо смаҳаӡеит, иара абџьар анҳамамызгьы", - еиҭалҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.