Урыстәыла

Марокко адгьылҵысра иахҟьаны 1037-ҩык ҭахеит

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 9 - Sputnik. Марокко адгьылҵысра иахҟьаны 1037-ҩык ҭахеит, абри атәы аанацҳауеит ателеканал Al-Arabiya аҩнуҵҟатәи аминистрра адыррақәа шьаҭас иганы.
Адгьылҵысра иахҟьаны 1037-ҩык ҭахеит, ахәра роуит 1204", - аанацҳауеит ателеканал.
Зымчхара 6,9 балл иҟаз адгьылҵысра ҟалеит Марокко, абри атәы аанацҳаит Европа-Абжьарамшынтә сеисмологиатә центр (EMSC). Адгьылҵысра азгәаҭан ақалақь Марракеш алада-мраҭашәаратәи ахәҭа 80 км иацәыхарамкәа.
Адгьылҵысра агәы 10-километрак аҵаулараҿы иҟан.