АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аԥхынразы урыстәылауаа аҳәаанырцәҟа рныҟәарақәа зегьы рҟынтәи 13% Аԥсныҟа иааит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аналитикатә маҵзура "MTC Travel" адыррақәа ишьаҭас иганы.
Иазгәаҭоуп, 53% аныҟәарақәа уи Ҭырқәтәыла, Таиланд, Мысра, ЕАА, Китаи атәылақәа рахь шакәу.
"Шықәсык иалагӡаны Таиландҟа ишиашоу аҳаирпланқәа аԥырра иалагеит. Даҽа мзызк- Мысреи Арабтәи Аемиратқәа рахь иҟоу азҿлымҳара ауп", - ҳәа азгәаҭоуп.
Урыстәыла афедералтә транспорттә маҵзура адыррақәа рыла, 2023 шықәса лаҵарамза 1 аахыс аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысит 5 млн ауааԥсыра.