Аԥсны

Гал араион амшын аҟәараҿы иԥшааз аԥсыбаҩ аҭҵаарахьы ирыҭоуп

Гал араион Гагида ақыҭан амшын аҟәараҿы зхаҭара шьақәыргылам аԥсыбаҩ ԥшаауп ашьыжь, цәыббра 10 рзы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 10- Sputnik. Гал араион амшын аҟәараҿы иԥшааз аԥсыбаҩ аҭҵаарахьы ирыҭоуп, абри атәы иҳәеит Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
Ԥлиа иажәақәа рыла, иԥшаау аԥсыбаҩ зтәу дхаҵоу дыԥҳәысу узеилыргаӡом.
Гагида ақыҭан амшын аҟәараҿы зхаҭара шьақәыргылам аԥсыбаҩ рыԥшааит аԥсыӡкҩцәа, дара аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы араионтә ҟәшахьы адырра ҟарҵеит. Амилициеи апрокуратуреи русзуҩцәа аҭыԥахь инеит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥсыбаҩ акыр аамҭа аӡы иӡаан.