АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik. Адизельтә былтәы зҭаз ацистерна мҩанызгоз аидарамҩангага ааҳәит ареспубликатә мҩаду аҿы ҳәа адырра ҟанаҵоит АҶА апресс-маҵзура.
Амашәыр ҟалеит Аҩада Ешыра. Амца амкырц азы аҭыԥ ахь инеит АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥқәа ҩба.
Sputnik акорреспондент ишиарҳәаз ала, абыржәтәи аамҭазы ахҭыс ахҟьаԥҟьақәа макьана раԥыхра иаҿуп, аха амҩаду аҿы аныҟәара аанкылаӡам.