Аԥсны

Аԥсны иҟоу ААО азенитчикцәа "аӷа" иԥшыхәгатә дронқәа ҭадырхеит

Урыстәылеи Аԥсни реиқәшаҳаҭрала Аԥсны аҵакыраҿы игылоуп Урыстәылатәи абыжьбатәи арратә база.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Азенит-ракетатә арҟәшақәа рыррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа "аӷа" аԥырҩы дызҭам ихархәагақәа рҿагылара шеиҿкаау аилкааразы. Абри атәы аанацҳауеит АлАрО апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа раан ахархәара рыҭан: аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа "Орлан", "Застава", "Гранат". Иара убасгьы ахархәара рыҭан азенит-ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10", ЗРК "Игла".
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон ашьхараҿи амшын аԥшаҳәаҿи. Аруаа 2 000 метра рҟынӡа аҳаракыраҿ иԥыруа аобиектқәа рҭаԥшыхәра, рымпыҵахалара, рҭархара ирыдҳәалаз ауснагӡатәқәа мҩаԥыргон.
Уи адагьы аус рыдулан аҽыԥхьакра, аимадара асистемақәа реиҿкаара, атехника аибашьратә ҭагылазаашьа аҭара.