Арадио

Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп: аҽыбӷаҟаза Логәуа ҷлоуаа рынхашьа иазкны

Ҷлоу инхо 85 шықәса ирҭагылоу аҽыбӷаҟаза Владимир Логәуа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп" аҟны еиҭеиҳәеит ҳаамҭазы анхаҩы ибзазашьоу, ақыҭаҟны уадаҩрақәас иҟоу ртәы.
Sputnik
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.