АҞӘА, цәыббра 11 - Sputnik. Урыстәылаа рхатәы транспорт, урыстәылатәи аҭаҩратә номер змоу Евроеидгыла иаланагалахьоу асанкциақәа ирыҵанакыр ҟалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Еврокомиссиа иҟанаҵо аилыркаарақәа шьаҭас иганы.
Ақәҵара инақәыршәаны аԥкыра иаҵанакыр рылшоит амашьына ласқәеи егьырҭ амотортә транспорттә хархәагақәеи – жәаҩык инареиҵаны рымҩангара зылшо. Автомашьына алагалара ахықәки арыцхәи аҵакы рыманы иахәаԥшуам.
Ззин ҟаҵам рсиа иарбоуп автомашьынақәа реиԥш акосметика, ачемоданқәа, афотокамерақәа, аноутбукқәа, асмартфонқәа иара убасгьы зыхә 750 евро еиҳау егьырҭ аелектронтә хархәагақәа, ацәеи ахәи ирылху ацәамаҭәа.
Иара убасгьы аԥкырақәа ирыҵаркит хәызмоу ахаҳәқәа, ахатәы гигиена иатәу амаҭәарқәа – ашампуньқәа, ақьаадлых напхьшьқәа. Ззин ыҟам амаҭәарқәа рымырхлоит, аха макьаназы аамҭа-аамҭала.