Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
Акультурабжьаратә еинырра Апресс-конференциа алагамҭаз Москватәи аԥсуа диаспора анапхгара ахантәаҩы Беслан Агрба иҳәеит Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа иргәаԥханы иалырхуа аҭыԥқәа ишреиуоу, ҳара иҳамоу амшын цқьа, ашьха ссирқәа, аҳауа зҩыда ҳархыҽхәар шҳалшо. Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит зқьышықәсала ари аҵакыраҿы ишынхо зхатәы культура, зхатәы традициақәа змоу ажәлар.
"Ҳара иаҳҭаххеит атәыла аҭааҩцәа еиҳа иааигәаны ара инхо ауаа ркультура дҳардырырц, уаанӡеи уажәи ишынхо рзеиҭаҳҳәарц. Излеиԥшымзеи уажәтәии уаанӡатәии афестивальқәа? Ирацәоуп, ҳәарада, еиԥшхо, избанзар ԥшьышықәса рыла акультура аҽаԥсахӡом. Уажәы идҳарбо еиҳарак аамҭа ҿыц анырра иадҳәалахоит, акинематограф, анапҟазара ҿыцқәа дҳарбоит", - иҳәеит иара.
Москватәи аԥсуа диаспора анагӡаратә директор Даур Барганџьиа иҳәеит афестиваль асасцәа ишдырбахо Аԥснытәи еиуеиԥшым аколлективқәа рықәгыларақәа.
"Аԥснынтәи инеираны иҟоуп ҳкультура ахырхарҭа рацәа аазырԥшыша аколлектив ду. Ауснагӡатә акәзар, сынтәа аҭыԥ аԥсахит. Уаанӡа афестивальқәа апарк "Красная Пресня" имҩаԥысуазҭгьы, уажәы "Ермитаж" абаҳчаҿы акәхоит. Ари аҭыԥ иҳагәҭаку аконцепциа еиҳа ианаалоит. Уаанӡа ахәаԥшцәа ирыдаагалоз аасҭа еиҳа акыр ҳалшап ҳәа иҳаԥхьаӡоит", - иҳәеит Барганџьиа.
Иара убасгьы иҳәеит афестиваль аҭааҩцәа рыбжьара еиуеиԥшым аԥхьахәқәа, Аԥсны аԥсшьараз апутиовкақәа назлоу, шеихшахо.
Афестиваль "Аԥсны" амҩаԥгаҩ Давид Цужба далацәажәеит асасцәа ауснагӡатә аҟны ирбар рылшо.
"Аԥсны аҭоурых иалаҳхалоит, атрадициақәеи аҵасқәеи дҳардыруеит. Идҳарбоит аԥсуа жәлар ргәыҭбаара, рыгәнаалара. Ари зегьы ирнырышт, аҳамҭақәагьы роушт. Исҭахым амаӡақәа зегьы раартра, аха афестиваль аҿы дарбанызаалак игәы ҟазҵаша ибоит. Уахь ҭаацәала инеитәуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Москватәи аԥсуа диаспора анапхгара алахәыла Инна Барчанԥҳа ишазгәалҭаз ала, ари ауснагӡатә есышықәса ауаа еиҳа-еиҳа ишрылаҵәо, иаҭауаа рхыԥхьаӡара ишацло.
"Иаабоит, иаҳныруеит ҳфестиваль есышықәса ауаа ирбарц ирҭаху уснагӡатәны ишыҟоу. Ииасыз ашықәсқәа рзы иара иаҭааит 15 - 20 нызқьҩык ауаа. Ари узхыҽхәаша рбагоуп. Сынтәа иҵегьы еиҳаны аҭааҩцәа ҳарзыԥшуп", - лҳәеит лара.
Барчанԥҳа илҳәеит аиҿкааҩцәа ишырҭаху Аԥсны аҿиара актуалтә сахьа инарҭбааны иаадырԥшырц. Убри азы афестиваль аҿы ҳаамаҭзтәи аҿыханҵа ахьырбарҭахаша алокациақәеи азонақәеи шазԥхьагәаҭо.
"Акинематограф акәзар, арепертуар ҭбаахоит. Аиҳарак идырбахоит ҳаамҭазтәи арежиссиорцәа, афильм "Акәымжәуаа" – Мадина Аргәынԥҳа, Михаил Лакрба ибжь-новеллак ральманах, Ибрагим Чкадуа Фазиль Искандер изку ифильм, Аԥсны аҩыҟаҵара иазку афильм", – лҳәоит Барчанԥҳа.
Афестиваль иалахәхоит "Амилаҭтә парк Аԥсны".
Апроект акуратор Кристина Ҭыжәԥҳа ари аус хра шамоу лҳәеит.
"Афестиваль алахәхара ҳара ҳзы акраҵанакуеит, ҳмилаҭтә парк аусура иадҳәалоуп. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Москватәи аԥсуа диаспора иҳарҭо алшаразы", - лҳәеит лара.
Ҭыжәԥҳа илҳәеит "Амилаҭтә парк Аԥсны" анапҟазаратә павилионқәа (ажьиратә, акыцӡратә) рзы иаҭаххаша амаругақәа шаздырхио, аҟазауаа ишыддырбо атрадициатә аалыҵқәа рыҟаҵашьа.
Аԥсуа шҭаҿы асасцәа ирылшоит ишәаҳәар, икәашар, аԥсуа чыс агьама рбар, амузыкатә инструментқәа рҿы ихәмарыр.
Акинотеатри алектории рҿы ирылшоит аԥсуа кинематограф аҭыхымҭақәа ирыхәаԥшыр, аҟазаратә классқәа ирҭаар, аԥсуа бызшәа аурокқәа роур. Асцена хадаҿы иқәгылоит арҿиаратә коллективқәа. Иара убасгьы апрограммаҿ — кавказтәи аиога, анардқәеи ашахматқәеи рзы аиндаҭлара, ашәҟәытә џьармыкьа, ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа.