Ақыҭа школхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵааразы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс апроект иацнаҵоит. Аҩбатәи аетап хацыркын Џьгьарда ақыҭан. Аԥсны ашколхәыҷқәа амедицинатә гәаҭара иахрыжьуеит, игәарҭоит ранализқәа. Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рхәарҭара атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Џьгьарда ақыҭа ахада, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Адгәыр Амҷба.
Џьгьардатәи ашкол аҿы аҵара рҵоит 77-ҩык ахәыҷқәа. Иара еиҭа иаднакылартә еиԥш алшара амоуп, аха ақыҭа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара рацәам ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Амҷба. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнаго ақыҭа школхәыҷқәа ргәабзиара аҭҵаара атәы далацәажәо, иара иҳәеит зегьы гәахәарыла ишрыдыркылаз.
"Ари акциа хәарҭоуп. Ақалақь аҿы иҟоу аҭаацәа иаҳа алшара рымоуп рхәыҷқәа ргәаҭаразы. Ақыҭаҟынтә уи аус иацуп апроблемақәа. Уи азы даара гәахәарыла ирыдыркылеит Џьгьарда ари ажәабжь, аҭаацәа роума, арҵаҩцәа роума. Актәи аетап мҩаԥгоуп. Ахәыҷқәа ршьа ргеит, ҳазыԥшуп аҭакқәа. Иара уи адагьы, аҳәыҷқәеи арҵаҩцәеи рцәеижьхәҭақәа зегь гәаҭан, акыр зыдбалоу далкааны, аҭаацәа адырра рыҭаны, иҽихәышәтәыртә еиԥш алшара иоуеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Амҷба.
Адгәыр Амҷба иара убас еиҭеиҳәеит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша имҩаԥнаго аусура атәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.