Урыстәыла

Ареис Шәача-Омск Новосибирсктәи аобласт аҿы итәар акәхеит

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, аҳаирплан иаалырҟьан итәар акәхеит агидросистема аусура ахьеиԥҟьаз азы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 12 – Sputnik. Амаршрут Шәача-Омск ала иԥыруаз апассаџьыртә ҳаирплан Новосибирсктәи аобласт аҿы итәар акәхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости АҶА аобласт аҿы иҟоу аҳәынҭқарратә усбарҭа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аҳаирплан 159-ҩык апассаџьырцәа ҭан, урҭ рҟынтәи 23-ҩык хәыҷқәоуп, 11-ҩык аекипаж алахәылацәа роуп.
Аҳақьымцәа рахь идҵаалеит хәҩык, ҩыџьа ҟәаҟәачаҟәан, хҩык ршьақәыӷәӷәара халеит. Апассаџьырцәа автобусла Омскҟеи Новосибирскҟеи ишьҭуп.
Аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаҩцәа, азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа. Ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит ахархәара ашәарҭадара аилагара ахәҭаҷ ала.