Урыстәыла

Аԥсқьарцәа Нхыҵ Уаԥстәыла иршьит Шәачатәи амилаҭтә парк аҟынтәи абна иларҵаз алеопард

Лео - Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара ацентр иааӡеит. Уи апарк "Аланиа" иларҵеит 2022 шықәса ԥхынгәымзазы.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 12 - Sputnik. Аԥсқьарцәа иеихсны иршьит Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара ацентр аҿы иааӡаны Нхыҵ Уаԥстәыла абнара иларҵаз аԥхьаазиатәи алеопард ацгәаб. Абри атәы ааицҳаит и-Telegram-канал аҿы Сергеи Мениаило.
"Иахьа ареспублика аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рминистррахь адырра ҟалеит аԥсқьарцәа Лео иеихсны иршьит ҳәа. Ари аинформациа ҭырҵаауеит азинхьчаратә усбарҭақәа. Ашәҟәы Ҟаԥшь иану ари аԥстәы ршьыҵәҟьазар, ацәгьоуцәа ашьаус иақәыршәахоит!" - ҳәа аниҵеит Мениаило.
Иара иазгәеиҭеит кавказтәи алышькьынтыр, убас даҽакала иахьӡуп алеопард, - ареспублика иасимволуп, иара агерб аҿгьы иануп, убри азы уи ашьра гәнаҳароуп. Уи адагьы, алеопардқәа иҳаҩсыз ашәышықәса аҽеиҩшамҭазы Нхыҵ Уаԥстәыла иқәӡааит ауаҩы имшала, уажәы уи ажәла аиҭашьақәыргылара иаҿуп.
Кавказ алеопарджәла аиҭашьақәыргылара ацентр Кавказ урыстәылатәи ахәҭа иларҵарц аусура иаҿуп. Уи аиҭашьақәыргыларазы дара ирҭахуп 50 хы иреиҵамкәа.
Есҩышықәса аԥсабарахь хԥа-ԥшьба леопард аурышьҭуеит, апрограмма анагӡаразы иаҭахуп 15-20 шықәса. Иахьатәи аамҭазы 13 хы убас абна иларҵахьеит.
Урыстәыла
Кавказтәи аҳәырԥсарра аҟынтәи ацгәаԥс абнахь иоушьҭуп