Нусреҭ иазгәаиҭеит Аԥсныҟа аара ихы-игәы еснагь ишҭаз, аха иманшәалаз аамҭа дшашьҭаз.
"Ҳәарада нхара ҳәа аара ауадаҩрақәа ацуп, аха санааи гәаанагарас исымаз, атәым дгьыл аҿы сыҟаны аҩны саазшәа акәын. Сара сзы имариан, избанзар аимадарақәа сыман, аусурҭа сыман. Аԥсшәа хәыҷык сҳәон", – ҳәа иҳәеит иара аиҿцәажәараҿы.
Нусреҭ иабду 1864 ашықәсазы Дал, Ҵабалнтә иахырцаз дреиуоп, урҭ Қьефқьен иӡхыҵит, уаантә Џьгьарда ҳәа ақыҭа еиҿкааны инхеит. Уи аамҭацәгьа атәы еиҭаҳәо иара иҳәеит ианду лҟынтә ишиаҳахьаз, амшын абҩақәа аанагон ҳәа.
Нусреҭ иани иашьеиҵби Ҭырқәтәыла инхоит, иара арахь данаауаз атәы еиҭаҳәо иҳәеит, иан лзы уи шымариамыз, аха сыԥсадгьыл ахь сцоит ҳәа шлаиҳәаз. Ақыҭан иҟаз аиҳабацәа ракәзар, ҳаумырԥхьашьан ҳәа ажәа шинырҵаз.
Ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл радыԥхьаларазы иҟаҵатәу азы игәаанагара ҳәауа Нусреҭ Ахба иазгәаиҭеит, уи кыр иазхәыцны имҩаԥгатәу шусу, ауаҩы усурҭада иаагара шгәаӷьыуацәоу.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.