Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз арадио Sputnik ихацныркыз "Дцон аԥҳәызба еибашьра" апроект азкуп аибашьра мҩа ианысыз аҭыԥҳацәа рҭоурыхқәа.
"Агәымшәараз" амедал занашьоу Илона Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы афронт ахь лцара шыҟалаз атәы еиҭаҳәо иазгәалҭеит, раԥхьа даара ишылцәыуадаҩыыз, аха узышьцымло ҳәа акгьы шыҟам. Илҳәеит акырынтә аҩныҟа дрышьҭырц ишалагахьаз. Шәахәаԥш астудиаҟынтәи авидеонҵамҭа.