Башкортосҭан имҩаԥысуеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр агастрольқәа. Ақәгыларақәа еиҿкаауп Башкортосҭани Аԥсни ркультуратә еимадара аҳәаақәа ирҭагӡаны, имҩаԥысуеит Мажит Гафури ихьӡ зху Башкириатәи аҳәынҭқарратә академиатә театр аҟны.
Уфатәи ахәаԥшцәа иддырбо аспектакльқәа арбану, аԥсуа артистцәа рыхәмарра шрыдыркыло атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсуа драматә театр анапхгаҩы Алхас Ҷолокәуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.