Урыстәыла

Шәача аԥшатлакә иахҟьаны амшынцәқәырԥара ҟалоит ҳәа рылаҳәоуп

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Шәача, Магри инаркны Весиолое аҟынӡа аԥшатлакә иахҟьаны амшынцәқәырԥара ҟалоит ҳәа рылаҳәоуп. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АҶА Краснодартәи атәылаҿацә АУ апресс-маҵзура.
"2023 шықәса цәыббра 13 асааҭ 8-10 инаркны аҵх зегьы Шәача, Магри инаркны Весиолое аҟынӡа аԥшатлакә иахҟьаны амшынцәқәырԥара ҟалар алшоит", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аиқәырхаҩцәа абжьгара ҟарҵоит аԥшатлакә аан ажра ма ҭҳәаак аҿы, мамзаргьы адгьыл уҽеиуатәны ухы уҵәахыр бзиоуп ҳәа.