АҞӘА, цәыббра 13 - Sputnik. Sputnik Молдова анапхгаҩы Витали Денисов Молдавиа дшалырцо азы РИА Новости адырра аиҭеит.
Денисов иҳәеит, Кишинев дахьынхо аҭыԥ ахь амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа неины, машьынала аҳаирбаӷәазахь амҩа дшықәыргалаз. Дара рнапаҿы ақәҵара ркын раԥхьатәи ареис ала дықәҵырц азы.
"Сымаҭәақәа аидкылаха сырымҭеит, аҩнытә ԥстәқәагьы сзымгеит. Жәашықәса рыҩнуҵҟа Молдова алалара азин шсымам азы ашәҟәы сырҭеит. Ацҳаражәҳәаҩ адырра иҭоуп", - ҳәа иҳәеит ажурналист.
Аҭагылазаашьа ахҳәаа аиҭеит амедиагәыԥ "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселиов. Иара иҳәеит аҭыԥантәи аполитикцәа рхымҩаԥгашьа аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа зегь ҵыршәаауеит ҳәа.
Ииасыз ашықәс, жәабранмзазы, арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь Молдавиа ашәарҭадаратә маҵзура Sputnik Молдавиа аусура ааныркылеит, "амилаҭтә шәарҭадара аԥырхага азҭо ииашам аинформациа" аланарҵәоит ҳәа ахҳәаа ҟаҵаны.