Урыстәыла

Молдова аусқәа рзы агәрага иарҳәеит Денисов атәыла иалцара ишақәшаҳаҭым

Sputnik Молдова анапхгаҩы Витали Денисов раԥхьатәи аҳаирплан ареис ала атәыла далыргеит жәашықәса ахынҳәра азин имамкәа.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу аамҭалатәи Молдавиа аусқәа рзы агәрага Серджиу Гончеренко Sputnik Молдова анапхгаҩы Витали Денисов атәыла иалцара ишақәшаҳаҭым иарҳәеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭа иазгәанаҭеит молдавиатәи амчрақәа хәыцрада рхымҩаԥгашьа Москва Урыстәыла иаҿагыло политиканы ишахәаԥшуа.
"Молдавиатәи аган аҟынтәи аурыс бызшәа иаҵанакуа амедиаресурсқәа аполитикатә ҟазшьала рышьҭазаара аанкылазарц, АИХқәа, ажәа русхк аҟны жәларбжьаратәи аҭакԥхықәрақәа ирықәныҟәаларц, ажурналистцәа рзинқәа алдыршаларц адҵа ҟаҵан", - ҳәа аанацҳауеит АдәАР адырраҭараҿы.
Ари аҩызаратә шьаҿам, урыстәылатәи аган хымԥада аҭак ҟанаҵоит ҳәа аҳәоит аусбарҭа. Кишиниов амиграциатә маҵзура аусзуҩцәа Sputnik Молдова анапхгаҩы Витали Денисов иҩныҟа инеит раԥхьатәи аҳаирплан ареис ала атәыла дшалырго азы Ақәҵара рыманы цәыббра 13 рзы.
Иара машьынала аҳаирбаӷәазахь амҩа дықәыргалеит. Имаҭәақәа реидкылаха ирымҭеит, аҩнытә ԥстәқәагьы изымгеит. Убри аан жәашықәса рыҩнуҵҟа Молдова алалара азин шимам азы ашәҟәы ирҭеит.