Урыстәыла

Урыстәыла Абанк хада 13% рҟынӡа ихадоу ашықәстә зыԥҵәа шьақәнаргылеит

Урыстәыла Абанк хада аӡбарала 12% рҟынӡа ихадоу азыԥҵәа шьақәнаргылеит мызк аԥхьа, уаанӡа 8,5% ыҟан.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Урыстәыла Абанк хада аӡбрала ихадоу ашықәстә зыԥҵәа 13% рҟынӡа шьақәнаргылеит.
"Урыстәыла аекономика аинфлиациатә қәыӷәӷәара ду амоуп. Аус рыдулан аинфлиациатә цәшәарақәа: амааҭ аҭыжьра иаԥызгаша аҩнуҵҟатә ҭахра шьҭыхын, аԥхынтәи амзақәа раан амааҭ арԥсыҽра мҩаԥган", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Асеиԥштәи аҭагылазаашьақәа раан хымԥада еиҳа ирӷәӷәатәуп аԥара-кредиттә ҭагылазаашаьқәа, аинфлиациа аизҳара аԥкразы, 2024 шықәсазы 4% иҟоу арбага азырхынҳәразы.
Еиҭарҿыцу азыԥхьагәаҭарала 2023 шықәсазы ашықәстә инфлиациа 6-7%, артәоит, 2024 шықәсазы абанк имҩаԥнаго аполитика иахьырԥшны 4% иазыхынҳәыроуп.
Изаамҭанытәим адиректорцәа рхеилак аилатәара мҩаԥган нанҳәа 14 рзы. Амааҭ акурс лаҟәын: адоллар 101 мааҭь, аевро — 111 мааҭ ирыԥсан.
Аӡбра рыдыркылеит азыԥҵәа хада 3,5% рыла ишьҭыхзарц. 8,5 аҟынтәи 12% рахь. Уаанӡа азыԥҵәа шьҭыхын 2023 шықәса ԥхынгәымзазы.