Сынтәатәи аҽаҩра ахәшьара аҭауа Какәбаа иҳәеит, араион иаҵанакуа ақыҭақәа зегьы рҿы аҭагылазаашьа шеиуеиԥшым.
"Ашьха иаԥну ақыҭақәа рҿы ақәа ахьлеиз аџьықәреи 70% еиқәхеит. Агаҿа иазааигәо рҿы ақәа ахьымлеиз иахҟьаны рџьықәреи ԥхасҭахеит. Уи адагьы, аԥш анҿалоз аамҭазы ачымазара азцәырҵит. Ҳамчала 300 гектар рҟынӡа, анхаҩы ахарџь имҭаӡакәа, ахәышәтәра мҩаԥган. Уахьахәаԥшуа араион аҿы 25% -30% аԥхасҭа ыҟоуп. Аӡы зҵалаз амхҭрақәагьы ыҟоуп. Уи ишәаны-изаны аиҳабыраа ираҳҭахьеит. Заа илазҵаз аҭагалара иалагахьеит, ахаҭабзиара ицәгьам ҳәа азуҳәартә иҟоуп", - еиҭеиҳәеит Какәбаа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.